АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Алитературатә хәылԥазы "Сыхаара сыԥсадгьыл", Дырмит Гәлиа диижьҭеи 145-шықәса аҵра иазку, мҩаԥысраны иҟоуп Москва, Чеховтәи акультуратә центр аҿы жәабран 22 рзы ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Татиана Гәлиаԥҳа.
Ахәылԥаз рхы аладырхәуеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, аҭоурыхдырыҩцәа. Дырмит Гәлиа ирҿиамҭақәа рцыԥҵәахақәа ирыԥхьараны иҟоуп. Асасцәа идырбахоит ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара атәы зҳәо адокументалтә фильм. Иара ҭыхуп Гәлиаа рҭаацәара архивтә материалқәа рхархәарала.
"Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭеи Москватәи аԥсуа диаспореи 20 шықәса инарықәны асеиԥш иҟоу ахәылԥазқәа еиҿыркаауеит. Ари иалнаршоит москваа аԥсуа литературеи аԥсуа культуреи еиҳа инарҭбааны дырдырра", - ҳәа лҳәоит Гәлиаԥҳа.
Алитературатә хәылԥазы "Сыхаара сыԥсадгьыл", Дырмит Гәлиа диижьҭеи 145-шықәса аҵра иазку, мҩаԥысраны иҟоуп Москва, Чеховтәи акультуратә центр аҿы жәабран 22, асааҭ 11:00 рзы.