Sputnik акорреспондент еиҭалҳәеит Бзыԥҭа аҳаблаҿ имҩаԥысуа ажрақәа зызку
© Sputnik
"Аԥсыжырҭа анхарҭа ҭыԥ азааигәара ауп иахьыҟоу, аҭыԥантәи анхацәа ари ҭыԥ иахылаԥшуан, дара ирдыруан араҟа Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуӡӡа аан иҭахаз аибашьцәа анышә ишамадоу. Ари атәы еиҭарҳәахьан ахҭыс иахаану анхацәа. Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аусура алшарала, иахьа уаҟа имҩаԥысуеит аԥшаарақәа. Аԥсыбыҩқәа ахьамадоу адгьылҵакыра цқьа еилкаам, убри аҟнытә аԥшаарақәа мҩаԥысуеит иҷыдоу амаругақәа рыла. Аҭыԥ мардароуп аҟнытә ицәгьоуп ажрақәа рымҩаԥгара, убри аҟнытә акыраамҭа иадхалоит. Бзыԥҭа аҳаблаҿ аусурақәа шцоз еилкаахеит араҟа даҽа солдаҭк иԥсыжырҭак шыҟоу атәы, аха аусурақәа макьана илҵшәадоуп", - ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.