Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 69 шықәса ихыҵит

Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Рушьбеи Смыр 69 шықәса ихыҵит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Рушьбеи Смыр иахьа 69-шықәса ихыҵит.

"Рушьбеи Смыр – ари ҳаԥсуа литератураҿы иреиӷьқәоу арҿиаҩцәа рхыԥхьаӡараҿ дыҟоуп. Аԥсуа поезиа аҭоурых аҿы аханатә иазгылон аҟазацәа хатәрақәа, Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба. Ҳлитератураҿы абарҭ инагақәоу апоетҵәа рыбжьарагьы Рушьбеи Смыр иалкаау поетуп", - иҳәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа.

Рушьбеи Смыр акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1965 шықәса инаркны, раԥхьаӡатәи иҩымҭақәа рнылоит агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа. 1973 шықәсазы иҭыҵыз раԥхьатәи иеизга "Аеҵәақәа рыкәашара". Апоет ирҿиара уагәылаԥшуанаҵы иҿаҿаӡа иааԥшуеит аҭоурых ахьышьҭра иахаану итәылеи ижәлари рлахьынҵа. Уи атема инарҭбааны иаазырԥшуа ажәеинраалақәа иреиуоуп: "Ԥсуаҵаса", "Аԥсны", "Аҵан", "Сасрыҟәа", "Аԥсаратәи абаашқәа", "Уарада", "Жана Ачба", уҳәа убас егьырҭгьы.

Рушьбеи Смыр: Аԥсны аԥшӡара бџьарла еиқәҳархеит – хшыҩла ихьчатәуп

"Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа аԥсуа литература аклассикцәа ирхаҭарнаку иналукааша аԥсуа поетуп. Уи еснагь ижәлар дрызҿлымҳауп, рыгәҭа дгылоуп, аԥсуаа рхеиқәырхараз имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы дрылахәын. Иажәеинраалақәа рҿы зны иҳәахьан — ашьхақәа срықәлахоит, ҳәа, убас еиԥш ақәранҵыра анцәа ииҭааит. Рушьбеи Смыр еснагь аҿар дҳазҿлымҳауп, ҳамҩақәиҵоит ҳарҿиараеи ҳаԥсҭазаареи рҿы", - иҳәеит апоет қәыԥш Абзагә Аҟалӷьба.

1995 шықәсазы апоет ихҵан Адыга ареспулика зҽаԥсазтәыз акультура аусзуаҩ ҳәа ахьӡ, дрылоуп Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи.

Рушьбеи Смыр есқьынагьы далагылан амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара. Уи дрылахәын 1977-1979, 1989 ашықәсқәа рзы аԥсуа милаҭ ринтересқәа рыхьчараз Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы. 1989 шықәсазы еиҿкааз афорум "Аидгылара" Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

Рушьбеи Смыр ипоезиатә рҿиамҭақәа еидызкыло аизгақәа 16 ҭыҵхьеит. Урҭ иреиуоуп: "Аеҵәақәа рыкәашара" (1973), "Ашьанҵа" (1976), "Ахҿа" (1979), "Сышьхақәа" (1981), "Ашыцқәа рашәа" (1985), "Акәукәуқәа еиқәҿырҭуеит" (1988), "Сҽыласқәа" (1990), "Рада гәышьа" (1994), "Аҳаҳаира" (1998), "Рарира" (2003), "Абжьы" (2005), "Слабашьа" (2008), ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа реизгақәа: "Арҵу" (2000), "Аҵыс иаҵәа" (2011). Иара убас, иҭыҵхьеит х-томкны иҟоу "Иалкаау иҩымҭақәа" реизга (2010, 2011, 2013).