Ҳаџьымба: Афганисҭантәи аибашьра аветеранцәа ҷыдалатәи аԥаратә цхыраагӡа роулоит

Асовет ар Афганисҭан ралгара иазку аилатәара мҩаԥган Аԥсны атәылахьчара аминистрраҿы жәабран 15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афганисҭантәи аибашьра аветеранцәа ҷыдалатәи ацхыраагӡатә ԥара роулоит иҳәеит аилатәараҿ иқәгылараан Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Сара иахьа атәыла аиҳабыра анапынҵа рысҭеит афгантәи аветеранцәа ҷыдалатәи ацхыраагӡатә ԥара есымза роура алзыршо ақәҵара апроект рыдыркыларц. Аԥарацҵа аиура азыԥхьагәаҭоуп ԥхынгәы 1 инаркны", - иҳәеит иара.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Афганисҭантәи адокументқәа амаӡара рыхнахит

Иазыԥхьагәаҭоу аԥара х-нызқьмааҭ инаӡоит.

"Уажәазы аԥара рызшәалахоит аҳәынҭқарра иамоу арезервқәа рҟынтәи. Ҽааны инаркны уи абиуџьет аҿы иарбахоит", - иҳәеит иара.

Афганисҭанынтәи асовет ар ралгара иалагеит лаҵара 15 1988 шықәса инаркны, ихыркәшахеит жәабран 15, 1989 шықәса рзы. Зынӡа Афганисҭан иалҵит шә-нызқьҩык аруаа. Жәашықәса рыҩныҵҟа аибашьраҿы иҭахеит 14 нызқьҩык асовет солдаҭцәа. Аԥснытәи аидгыла аиҳабы Даур Ҵулукьиа иажәақәа рыла, иахьазы ареспубликаҿы инхоит 140-ҩык аветеранцәа. Аԥснынтәи Афганисҭан еибашьуаз рахьтә иҭахеит жәахаҩык.

Ҵулукьиа: Афганистан асоветтә архәҭақәа мнеизҭгьы, иахьа атеррористцәа иаҳагьы ирацәахон