Арадио

Ақьаӷьариа Гәымба: ҳҭыԥҳацәа зегьы ақалақь ахь хаҵа ицар рҭахуп, уи рыцҳарахеит

Иахьа асоциалтә даҟьақәа анырацәоу хәарҭас илоузеи ақьаӷьариа, ирацәаҩума иара ицхыраарала зынасыԥ еилазҵо? Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақьаӷьариара ззанааҭхаз Роберт Гәымба.
Sputnik

"Ахәыҷқәа, жәаа–зеижә шықәса зхыҵуа дырҭахӡам ақьаӷьариа, избанзар аинтернет ала еибабаоит, еибагоит, аха урҭ рахьынтә 80% еилыҵуеит, избанзар дара бзиа еибабаны еибагоит, нас ргәы анааихшәалак аҭаацәарақәа аанрыжьуеит. Ақьаӷьариара ҩажәа шықәса анысхыҵуаз аахыс бзиа избоит, избанзар аԥсуаа еиҵыҵыр сҭахуп, еизҳар сҭахуп. Сара шәҩык раҟара еибасыргахьеит, урҭ рахьынтә хҩык раҟара роуп еилыҵхьоу. Иахьа ачараҿы саныҟоу исгәаԥхаз аӡӷаб лыхьыӡ, лыжәла, шаҟа лхыҵуа слазҵаауеит, нас убри илықәнагоу аҷкәын дсыԥшаанӡа сзыцәаӡом. Дара еибасырбоит еибасырдыруеит, акаҳуа дсыржәуеит, сыԥшуашәа ҟасҵоит, уи иара ахатә маанақәа аҵоуп, рыгәшәымшә уҳәароуп, улахьынҵа абри лоуп ҳәа. Иахьа ҳаӡӷабцәа ақыҭахь ицар рҭахӡам, зегьы ақалақь ауп ирҭаху. Уи уадаҩра дуӡӡоуп, ари рыцҳара дууп", - хәа азгәеиҭеит Гәымба.      

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.