Арадио

Ҳалбад: ашәҟәқәа рҭыжьра ҭакԥхықәрала ҳазнеилароуп

Избан аԥсуаа аҩыраҿы ҳазхьысҳау, гхада ҳхатәы бызшәала ҳзымыҩуа? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас,  аметодист Валентина Ҳалбад.
Sputnik

"Сара исгәалашәоит "Аԥсны ҟаԥшь" аҿы аҿарҵәыҩ ахьыдмыргылаз азы, ауаҩы иус дамырхуан. Иишамкәа аҩра ԥхаҳшьон. Ибҩыз агха амоуп ҳәа ансарҳәалак, иԥхасшьон. Сыгха ҭысҵаанӡа, саҟәыҵуамызт уи аҭҵаара. Уажәы агхаҟаҵара ԥхашьараӡам. Зегьы здыруа ҳәа дыҟам, аха ателехәаԥшра, арадио уҳәа амассатә информациатә хархәагақәа рҿы агхақәа лассы-лассы иаабоит, урҭ ус еиԥш азин рымам.  Аредакторцәа рус рдыруазароуп. Ахәыҷы иахьабалак агхақәа ибоит, арҵагашәҟәқәа ракәзар, аԥҟарақәа уҿаҿы имааиуа, ируадаҩны ианырҵоит. Ашәҟәқәа рҭыжьра ҭакԥхықәрала ҳазнеилароуп", - ҳәа азгәалҭеит Ҳалбад. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.