"Схы аус адуламкәа урокк ахь смыҩналац, дара сҵаҩцәагьы ирасҳәоит, иарбан ҩымҭазаалакгьы схаҭа саԥхьан ауп сышнеиуа. Аҩымҭаҿы иарбоу зегьы ахәыҷқәа ирызназгарц сҽазысшәоит, уи гәныркыларц сҭахуп. Аха ус еиԥш изыҟалом. Иҟоуп ахәыҷқәа аҩыраҿгьы аԥхьараҿгьы зегьы еилырганы исазҳәо, аха абжаҩык ирцәыцәгьоуп агәынкылара. Есыҽны аҩышьаԥҟарақәа ҳгәалаҳаршәоит, ҳааҟәымҵӡакәа аус рыдааулоит, аха зегьы акоуп зегьы еиԥшны ирыдыркылом. Аиҵбыратә классқәа рҿы абызшәазы асааҭқәа азымхозшәагьы збоит", - ҳәа азгәалҭеит Џьопуаԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.