2018 шықәса рзы иреиӷьу ашьапылампыл азы азыҟаҵаҩ ихьӡ ҳәоуп

Ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа иреиӷьу азыҟаҵаҩ даналнакаауа иазхьаԥшуеит ипрофессионализм, иусуратә ԥышәа, акоманда аихьӡарақәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ақәыԥшцәа ршьапылампылтә клуб "Динамо Сухум" азыҟаҵаҩ Мераб Кәакәасқьыр Аԥсны иреиӷьу азыҟаҵаҩ ҳәа ихьӡ ҳәоуп. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар.

2018 шықәса рзы иреиӷьу ашьапылампыл азы азыҟаҵаҩ ихьӡ ҳәоуп

Иара иажәақәа рыла ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа иреиӷьу азыҟаҵаҩ даналнакаауа иазхьаԥшуеит ипрофессионализм, иусуратә ԥышәа, акоманда аихьӡарақәа.

"Мераб жәашықәса инарзынаԥшуа ашьапылампыл азы азыҟаҵаҩыс дыҟоуп. Аамҭақәак рзы адуцәа ркоманда "Динамо Сухум" азыҟаиҵон, нас ақәыԥшцәа разыҟаҵарахь диасит. Уажәы иазыҟаиҵоит 2007; 2008 шықәсқәа рзы ииз аҿар. Ииасыз ашықәс азы икоманда еиуеиԥшым аицлабрақәа рҿы аԥыжәара агеит", - ҳәа иҳәоит Амԥар.

Мераб Кәакәасқьыр – ақәыԥшцәа ршьапылампылтә клуб "Динамо Сухум" азыҟаҵаҩ. 2018 шықәса рзы аклуб ашьапылампыл азы Урыстәыла ачемпионат Hopes Cup "World Cup Sochi 2018" аҟны ичемпионхеит, атурнир HOPES CUP "Весенний Кубок SOCHI 2018" аҿы ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит, атурнир Christmas Holidays Hopes Cup 2018 аҿы ахьтәы медалқәа ҩба анашьахеит.

2019 шықәса, жәабранмзазы шәачатәи атурнир Imeretinka Cup Sochi аҿы АК "Черноморец" иаԥнагеит.