Адунеи аҟны еиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьӡ ҳәоуп

Амшын ма аокеан аӡыцқьа аԥшаҳәаҿыҵәҟьа заамҭа ахгара бзиа избо рҭахрақәа ирықәшәо еидкылоуп адунеи аҿы реиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьыӡқәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Адунеи аҿы реиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьыӡқәа рреитинг шьақәнаргылеит апортал 10BestLook.

Санторини, Бырзентәыла

Адгьылбжьаха хҟьоуп аҩны шкәакәа ԥшӡақәа рыла. Урҭ рышәқәеи рхыбқәеи жәҩангәыԥшшәыла ишәуп. Санторини аплиажқәа хҟьоуп аԥслымӡ еиқәаҵәала.

Адунеи аҟны еиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьӡ ҳәоуп

Пхи-пхи, Таиланд

Таиланд, апровинциа Краби аҿы иҟоуп архипелаг Пхи-Пхи. Иара ф-дгьылбжьахак рыла ишьақәгылоуп. Ароуп иахьҭыхыз Леонардо Ди Каприо дахьыхәмаруаз афильм "Пляж" (The Beach).

Адунеи аҟны еиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьӡ ҳәоуп

Фиджи

Ареспублика Фиджи 300 дгьылбжьаха рыла ишьақәгылоуп.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра атуристцәа иреигәырӷьаны ирыдыркылоит. Ара изҭаху илшоит даивинг, сноркелинг, серфинг ма аԥсыӡкра инапы алеикырц.

Адунеи аҟны еиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьӡ ҳәоуп

Маврики

Маврики Индиатәи аокеан хәызмоу ахаҳә ҳәа иашьҭоуп.

Аԥслымӡ шкәакәа, ижәҩангәыԥшшәылоу аокеан-ӡы избаз иаразнакы дхырхуеит.

Адунеи аҟны еиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьӡ ҳәоуп

Бали, Индонезиа

Бали иҟауҵаша, иубаша рацәоуп. Аплиажқәа, абнарақәа зегь оумашәа иԥшӡоуп, адунеи зегь аҟынтәи атуристцәа уахь бзиа ибаны инеиуеит.

Адунеи аҟны еиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьӡ ҳәоуп

Мауи, Гаваи, ЕАА

Гаваи еицырдыруеит акалам бнаршәырақәа рыла. Адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоуп ицәоу авулкан.

Адунеи аҟны еиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьӡ ҳәоуп

Иамаика

Аԥсшьаҩцәа раҳаҭрыла рыԥсы ршьартә иҟоуп аԥсабара. Ибеиоуп адгьылбжьаха аҳҭнықалақь Кингстон аҭоурых.

Адунеи аҟны еиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьӡ ҳәоуп

Бора Бора, Франциатәи Полинезиа

Амшын аҵаҿы аӡсаразы зегь раасҭа иреиӷьу ҭыԥны ишьоуп. Аокеан-ӡы аҿы ирацәоуп аԥсыӡхкқәа, акәуақәа.

Адунеи аҟны еиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьӡ ҳәоуп

Мальдивы

Индиатәи аокеан агәҭа иубарҭоуп зқьы инарзынаԥшуа дгьылбжьаха. Мальдивы адунеитә џьанаҭ ҳәа азырҳәоит. Аҭаараз ибзиоуп ҳәа ишьоуп жәабранмза-лаҵарамза.

Адунеи аҟны еиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьӡ ҳәоуп

Сеишел

Сеишел иаҵанакуеит 115 дгьылбжьаха. Ҿыц аҭаацәара иаланагало арахь аара бзиа ирбоит.

Адунеи аҟны еиҳа иԥшӡоу адгьылбжьахақәа рыхьӡ ҳәоуп