Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи зным ахсаалақәа рзы ашьаус аларгалоит Қырҭтәыла

Қырҭтәыла Ашьауӷатә закәанеидкылахь аԥсахрақәа ралагалара азыԥхьагәазҭо ариашарақәа реизга иалацәажәараны иҟоуп атәыла апарламент аҟны.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik. Қырҭтәыла апарламент ахәаԥшраны иҟоуп Қырҭтәыла Ашьауӷатә закәанеидкылахь аԥсахрақәа ралагалара азыԥхьагәазҭо ариашарақәа реизга, ҷыдала Қырҭтәыла аилазаараҿы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ыҟамкәа иҭрыжьуа ахсаалақәа реиҿкааҩцәа ашьауӷа рақәыршәараз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ашьауӷатә закәанеидкылаҿ иацҵахоит ахәҭаҷ 343. Иара инақәыршәаны Қырҭтәыла аилазаараҿы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ыҟамкәа иҭрыжьуа ахсаалақәа реиҿкааҩцәа, аҭиҩцәа, аӡыргаҩцәа, Қырҭтәыла аҵакырахь иалазгало, иалызго аштраф рықәҵахоит мамзаргьы ҩышықәса рҟынӡа аҭакра рықәшәоит", - ҳәа ануп апарламент асаит аҿы.

Аштраф ахышәа-ҵышәа еиҵа 2000 лари (760 доллар) артәоит.

Еицырдыруа Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа рышьҭахь, нанҳәа 26 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи Ахьыԥшымра азханаҵеит. Уи азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит усҟантәи Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев.