Агәыԥ Queen "Оскар" аиуразы ацеремониаҿы иқәгылоит

Queen алахәылацәа Браиан Меии, Роџьер Теилори, ашәаҳәаҩ Адам Ламберти еицықәгылоит 2011 шықәса раахыс.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik. Еицырдыруа британиатәи агәыԥ Queen ашәаҳәаҩ Адам Ламберт ицықәгылоит аԥхьахә "Оскар" аиуразы ацеремониаан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылатәи арежиссиор Сергеи Дворцевои ифильм "Оскар" аиур алшоит

Queen YouTube аҿтәи аканал аҟны ицәыргоуп авидео кьаҿ. Авидео иӡырнагоит ашәа We Will Rock You ахәҭак, агәыԥ Queen + Adam Lambert рынагӡарала.

ЕАШ акиноакадемиа Twitter аҿы абри авидео аннаҵеит, апост ахит Bohemian Rhapsody,ажәақәа: Is this the real life? Is this just fantasy? ("Ари иҵабыргу аԥсҭазаара ақәҵәҟьоума? Мамзаргьы баша фантазиоума?") аҵаҩны.

Браиан Сингер икиносахьа "Богемская рапсодия" – Queen алахәыла Фредди Меркиури иԥсҭазаара изку (Рами Малек) "Оскар" апремиақәа хәба ирзыԥшуп.