"Ахәмарра даара исгәаԥхеит, азҵаарақәа Аԥсны иазкын, ҳҭоурых иазкын. Иара уамҽханакуеит, ҳаиааиндаз, азҵаарақәа рҭак иаҳа ирацәаны иҟаҳҵандаз ҳәа ҳҽазаҳшәон. Атемақәа рацәоуп, акино, агеографиа, аҭоурых, иҳақәшәеит азҵаара "алабашьа" иазкыз, аиҳабы уи шԥаныҟәиго ҳәа. Атемақәа беиоуп, ахәмарра иунарҵо рацәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габлиа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.