Арадио

Сабекьиа: ақыҭанхацәа хара имгакәа рбаҳчақәа ирыҵалар рылшоит

Ақыҭанхамҩатә институт аусзуҩ, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Дмитри Сабекьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәырҵлақәа реиҭаҳара ианаамҭоу.
Sputnik

"Амш аҭагылазаашьа зеиԥроуи ашәырҵлақәа ишаҳдырбои ала, аҳауа аԥхарра наҵала ашьҭахь ашәырқәа ашәҭрахь рхы дырхо иалагеит, убри ианамаданы аиҭаҳара аума, ашәыр ааӡара аума знапы алаку ақыҭанхацәа иахьарнахыс, хара имгакәа, аус руртә аҭагылазаашьа ҟалоит. Аамҭа аԥхарра ҳнаҭо иалагар, ашәыр аԥҟароума, аиҭаҳароума ҳагхар ҳалшоит. Убри аҟнытә зегь рапҳьа ишәҭуа акульутарақәа ԥаҳҟоит, арҵәыгақәа алаҳгалоит. Ажәытә аахыс Аԥсны ашәыр аиҭаҳара ҩ-аамҭак амоуп: ҭагалани, ааԥыни. Аха ҳара субтропикатә зоноуп ҳахьынхо, аӡынра аԥхарра ахьыҟоу иахҟьаны аҵаа бааԥсқәа ахьыҟам азы, ахьҭа иацәымшәо ашәырқәа уажәааны реиҭаҳара ауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Сабекьиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.