Гагра амҩатә машәыр аҟны ааха зауз руаӡәы лыԥсҭазаара далҵит

Ԥсахара ақыҭа ааигәара амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа АҶА Гагратәи аҟәша адиспетчерцәа адырра роуит жәабран 20 асааҭ  10:27 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амарка Toyota иаҵанакуа автомашьынақәа ҩба жәабран 20 рзы Аҟәатәи амҩаду аҿы, Ԥсахара ақыҭа ааигәара еиҿасит. Автомашьынақәа реиҿасра иахҟьаны ааха роуит ԥшьҩык. Урҭ ахәышәтәырҭахь инаган. Аамҭақәак рышьҭахь амашьына аԥсҟы зкыз аӡӷабцәа руаӡәк лыԥсҭазаара далҵит.

Егьырҭ ахҩык ахәышәтәырҭа ареанимациаҿ ишьҭоуп.

Ԥсахара ақыҭа ааигәара амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа АҶА Гагратәи аҟәша адиспетчерцәа адырра роуит жәабран 20 асааҭ  10:27 рзы.