Арадио

Миквабиа еиҭеиҳәеит Аԥсны агәам-сам азы иргылахо аполигон зеиԥшрахо

Аполигон ахьыргылахо аҭыԥ макьана иалхны иҳамам, уажәазы аҭҵааратә усурақәа мҩаԥысуеит ҳәа азгәеиҭеит апресс-конференциаҿы Аԥсны акапиталтә ргыларазы аусбарҭа аиҳабы Игор Миквабиа.
Sputnik
Миквабиа еиҭеиҳәеит Аԥсны агәам-сам азы иргылахо аполигон зеиԥшрахо

"Иахьатәи ҳҭагылазаашьа злаҟоу ала, анкьа ҳазлаҽхәоз иахьа уадаҩра дуны иҳамоуп. Аполигон ишахәҭоу еиԥш иҳаргыларц ҳҭахуп, иақәнагоу ашәага-загақәа ирықәшәо иҟазарц, ус ианыҟаҳҵа иара 30 шықәса иҳазхәоит. Макьана аҭып иалхны иҳамам, уажәазы аҭҵааратә усурақәа мҩаԥысуеит, аха уаа еилыркаарц ҳҭахуп иҳаргыло аполигон шаку, агәам-сам каԥсарҭа акәымкәа. Ҳгәы ишҭоу еиԥш ианаҳзыҟаҵа иара афҩы ҷыда аиуом, ааигәа-сигәа аӡгьы днымхозар ауп, аӡиасқәа мҩамсуазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Миквабиа.       

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.