Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа аԥхьоит Дырмит Гәлиа иажәеинраала "Сыхаара сыԥсадгьыл"

145 шықәса раҧхьа диит аҧсуа литература ашьаҭаркҩы, апоет, апрозаик, аҵарауаҩ ду, аҭоурыхҭҵааҩы, аетнограф, афольклорист, алингвист Дырмит Гәлиа.
Sputnik

Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа иира амш аҽны атәыла анаҧхгареи ауаажәларреи ашәҟәыҩҩы ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.