"Ахаҵа даниуа иуалԥшьа хаданы ициуеит иԥсадгьыли иуаажәлари рыхьчара. Ҳәара аҭахума, уи иацзароуп агәымшәара, аха уи анаҩс иаҭахуп адыррагьы, уи ауп изеиҿкаазгьы арратә маҵзура. Асовет аамҭазы уи дарбанзаалакгьы дахысыр акәын. Ақәылаҩ даныҟоу дыҟазароуп ахьчаҩгьы, аԥсҭазаараҿы усоуп ишыҟоу. Хаҭала сара Асовет Еидгыла аҩадатәи аҳәаақәа рахь сақәшәеит, Бежецк аррамаҵзура сахысуан. Уа игылан архәҭа арадиотехника, аҳауаҿы аҭагылазаашьа хылаԥшра азҭо, аҳәаа зыхьчо. Даара азҿлымҳара зцу маҵзуран. Адәаҿы ишьақәгылан арадиолокациатә мыругақәа, дара рыбзоурала иубоит ажәҩан аҿы имҩаԥысуа зегьы. Амыругақәа адәахьы игылоуп, аха акомандаҟаҵаратә пункт адгьыл аҵҟоуп иахьыҟоу, убраҟа уахгьы-ҽынгьы, секундк иааиԥмырҟьаӡакәа ажәҩан аҿы аҳәаақәа ҳахьчон", - ҳәа игәалаиршәеит Сангәлиа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.