"Сынтәатәи амшныҳәа амассатә-информациатә хархәагақәа русзуҩцәа рзы хымԥада ахатәы ҷыдара амоуп. Уи амш зыдҳәалоу агазеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер аҭыҵра шәышықәса ахыҵроуп. Аԥсуа милаҭтә культура, аԥсуа ҳәынҭқарраҿы ҭоурыхтә хҭыс дууп ҳәа исыԥхьаӡоит. Уи ари амш мацара акәым, ашықәс зегьы ари аԥсуа журналистика иашықәсуп. Ари амш анышьақәдыргылаз Аԥсны ахада иусԥҟала, хықәкы хадала иалкааны ажурналистцәа рымацара ракәым, амассатә-информациатә хархәагақәа рҿы аус зуа зегьы, акьыԥхьоума, ателехәаԥшроума, арадио аума, ажурналистцәа, анџьнырцәа, анбанҟәшәаҩцәа абарҭ зегьы ирымшныҳәоуп. Ажурналистцәа рымала ирзыҟаҵом дара рнапы злаку аус. Ҳара хықәкыс ишьҭаҳхит ари амшныҳәа гәырӷьара мшны амҩаԥгара, уи аԥсшьарамшы иақәшәоит, избанзар ҳара "ҳаӡлагара еснагь илагароуп". Ари амш аҽны иҟаҵахоит есышықәса Ажурналистцәа реидгыла ҷыдала имҩаԥнагоз аицлабрақәа реихшьаала", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.
Жәабран 27, 1919 шықәсазы раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит аԥсуа милаҭҭә газеҭ "Аԥсны ". Ари амш ԥхьаӡоуп Аԥсны амассатә-информациатә хархәагақәа русзуҩцәа ирымшныҳәаны.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.