Арадио

Коӷониа: ауаҩы илшо ихаҭагьы издыруам, ари узыҟаҵом ҳәа уарҳәаргьы, уазымхәыцроуп

Зылшарақәа ԥку ауаа рхы ныҟәыргартә еиԥш ирымазароуп изықәгәыӷша акы, уи аҳәынҭқарра азхәыцроуп ҳәа азгәеиҭеит Руслан Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Sputnik

"Зылшарақәа ԥку аусура данашьҭало еиликаауеит уи ус ишымариам. Адунеи аҿы иҟоуп убри аҩыза аԥышәа, ахымхәа аус ахьыиуа аусбарҭа ашәахтәқәа маҷны иашәоит, уи даара ибзиоу ԥышәоуп. Ҳтәылаҿы зылшарақәа ԥку рзы асоциалтә шьцылара иманшәалан имҩасуеит, ауаагьы аилкаара рымоуп, аха дара ацхыраара бзиа роуазароуп аҳәынҭқарра аҟынтә, атәанчахәы даара имаҷуп. Сара иҟоу аҭагылазаашьа зегьы ҩныҵҟала издыруеит, сҩызцәеи сареи ҳаицәажәоит, ҳгәалақәа еибаҳхәоит, убри аҟнытә издыруеит иҟоу шыҟоу. Сара иансылшогьы срыцхраауеит, аха еснагь изықәгәыӷша ак ыҟазароуп. Ауаҩы илшо иара ихаҭагьы издырӡом, ари уара иулшаӡом, иузыҟаҵом ҳәа уарҳәаргьы, уазымхәыцроуп", - ҳәа азгәеиҭеит Коӷониа аиҿцәажәараҿы.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.