Арадио

Сабекьиа еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩатә институт аҿы апты аҿагыларазы усурас ицо

Иалыршахома иахьа ақыҭанхамҩаҿы уадаҩра дуны иҟоу ахәаҷа-маҷақәеи аԥакәақәеи ирцәымшәо аҵиаақәа рыҟаҵара, насгьы иҟоума ус еиԥш акультурақәа? Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ақыҭанхамҩатә институт аусзуҩ, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Дмитри Сабекьиа.
Sputnik

"Амармалташьтә пты зԥырхагоу аҵиаақәа иахьа адунеи аҿы даара ирацәоуп. Макьана исызҳәом абри иацәымшәо хкык ылаҳхуеит ҳәа, аха ашәырхкқәа ралгараҿы ҳус аангылаӡом. Урыстәыла аинститутқәеи ҳареи аиҿцаара ҳмоуп, анаукатә материалқәа еиҭнаҳаԥсахлоит. Ҳара ҳҿы апты зԥырхагамхо ҳәа иазгәаҭан иҳамоуп афеихоа, акиви. Дара ахьшәашәаразы иҟалоит аҟнытә ауп ԥырхага занамҭо. Аинститут аҿы иҳамоуп аҟәша аҵиаақәа рыхьчаразы, уаҟа иаҿуп аусура ари ауадаҩра ахырхарҭала, иарбан химиатә хәшәқәоу апты зыцәшәо, изшьуа уҳәа ҭырҵаауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Сабекьиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.