Арадио

Ҵурҵумиа еиҭеиҳәеит ҳтәыла аҩныҵҟа абокс иаԥсҭазаашьоу

Абокс азыҟаҵаҩ Иракли Ҵурҵумиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа абокс азы ҳтәылаҿы имҩаԥысуа атурнирқәа ртәы.
Sputnik

"Есышықәса Аԥсны имҩаԥаагоит ачемпионат. Сынтәа хәажәкыра 16 рзы Тҟәарчал ихацыркхоит иара. Ахәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуеит атурнирқәа, иаҳҳәап, Пицунда - Блаб ихьӡ зху. Уажәы аҽазыҟаҵара ҳаҿуп Гагра, Роман Чрыгба ихьӡ зху атурнир. Ҳтәылаҿы иҳамоуп ҩба-хԥа турнир иӷәӷәоу, иаҳҭахуп еиҭа еиҿаҳкаарц, аха афинанстә ҭагылазаашьа ус еиԥш алшара ҳнаҭом", - ҳәа азгәеиҭеит Ҵурҵумиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.