Соломко: апальма знык ахәшә ақәҭәаны, ҩба-хԥа шықәса уазыԥшыр ауӡом
© Sputnik
"Апальма ахәшә ақәҭәаны, анаҩс ҩба-хԥа шықәса уазыԥшыр, акгьы алҵӡом, иаҳцәыбжьысуеит. Уи системак аҳасабала ес-ааԥынра ихәшәтәлатәуп.
Раԥхьа иргыланы, ҳахҭнықалақь аҟны иҟоу апальма ԥшӡақәа рыхәшәтәразы ҳҽырхианы ҳаҟоуп, егьырҭ рызгьы аицәажәарақәа цоит, избанзар ахәшәгьы ахә маҷым. Иаагозар, атрахикарпус пальмақәа рхыԥхьаӡара рацәоуп, Аԥсынра иахьуԥыло маҷым, урҭгьы аус рыдулара азҵаара иазхәыцтәуп. Макьана иахьынӡаҳалшо аҳәара сцәыуадаҩуп, аха сгәаанагарала, уи аус наҳагӡоит", - иҳәеит Соломко.
Инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Apsny аефир аҿы.