Гагра ақалақь ауаҩԥсы ишьразы ашьаус хацыркуп

Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика ауаҩԥсы иганахь ала Гагра араион Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭахь адырра ҟаҵан жәабран 23, ашьыжь.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik. Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика ауаҩԥсы Сулҭан Кемриугов ауаҩшьразы аҽазышәара мҩаԥигеит ҳәа даанкылан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика ауаҩԥсы иганахь ала Гагра араион Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭахь адырра ҟаҵан жәабран 23, ашьыжь. Аҭыԥ ахь инеиит аусҭҵаара-оперативтә гәыԥ, иагьышьақәнаргылеит жәабран 22, асааҭ 18:30 рзы Гагра ақалақь аҿы аамҭала инхо Сулҭан Кемриугови 1983 шықәса рзы иизи рыбжьара аҭыԥ зауз аимак ашьҭахь Кемриугов уи ауаҩԥсы дыхәны дшыбналаз.

Хара имгакәа ацәгьа зуз даанкылан. Сулҭан Кемриугов иҿы иқәшаҳаҭхеит. Убри аан иара идырбалеит Калашников иавтомати 11 патронеи.

Гагра араион апрокуратура аусҭҵаара нап анаркит.