Арадио

Аҳауагәаҭаҩ еиҭалҳәеит амшын аҿықәан асоура иазыԥштәу, иазыԥштәыму

Изеиԥшрахозеи ҳазҭало ааԥынра раԥхьатәи амзазы амш аҭагылазаашьа, иалшома асы леир - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы далацәажәеит аҳауагәаҭаҩ Лариса Ахԥҳа.
Sputnik

"Жәабранмза 27, 28 рынахыс еиҳагьы ихьҭахоит, ҽынла амш еилгоит, аха хәажәкыра 1, 2, 3, рзы еиҭа амш аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахом, ақәабаа-сабаа, асы ҳазыԥшуп. Асы рацәа шьҭагылоит ҳәа ҳазҳәом, аха аҳаракырақәа рахь ибзиан иқәлоит. Ҩба-хԥа градус ахьҭа ҟалоит. Хәажәкырамза 4 рзы амш еилгоит, аха ахьшәашәара шыҟац иаанхоит. Хәажәкырамза аӡыни ааԥыни ирыбжьагылоу мзоуп, убри аҟнытә аҟазшьақәа рыла иаҳа аӡын еиԥшуп. Ҳара излазгәаҳҭо ала, раԥхьатәи ажәамшк абас иҟазаауеит, аха хәажәкыра аҽеиҩшамҭаз аԥхарра ҟалоит", - ҳәа азгәалҭеит Ахԥҳа. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.