Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" ахада ипресс-конференциаҿы иаалказ

Афымцалараша аҭагылазаашьа иазкны иахьа Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҿы "Амшынеиқәафымцамч" ахада Аслан Басариа ипресс-конференциа мҩаԥысит, уаҟа излацәажәаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Sputnik

"Афымцалашара иахьа инаркны Аԥсны еиԥҟьарада иҟалоит, абри атәы иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" ахада Аслан Басариа. Аԥсны азбжак алашара роулоит Урыстәылантәи, егьи абжа Егрытәи астанциа аҟынтә.  Урыстәылантәи иаауа алашара роулоит ҳтәыла мраҭашәаратәи араионқәа. Апресс-конференциаҿы Аслан Басариа иазгәеиҭеит алашара ахәԥса азҵаара ашьҭыхра макьана ишыӡбам, уи атәыла ахадара ишырусу. Иахьа 104 нызқьҩык рҟынӡа абонентцәа алашара ахәԥса ршәоит, хышықәса раԥхьа усҟак ыҟамызт, 70 нызқьҩык ракәын иарбаз. Иахьа "Амшынеиқәафымцамч" имҩаԥнаго аусура иабзоураны, уаанӡа абазаҿы иарбамызгьы ҭагалоуп, иахьа урҭ рхыԥхьаӡара акырӡа еизҳаит. Басариа ари ус дууп ҳәа иԥхьаӡоит", - ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.