"Есышықәса иаҳа-иаҳа имаҷхоит амхқәа рыцәаӷәаразы аҳәара ҟазҵо анхацәа рхыԥхьаӡара. Еиҳарак аџьықәреи лазҵо арахә змоу роуп, аҟашәа аарымхәарцаз, уи адагьы ԥсыхәа рымам. Даҽа шьоукых, иааҳхәар иаҳа иаҳзыфеидоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аха аԥышәа иаҳнарбоит анхацәа амхқәа лырҵалар, иаҳа ишырзыфеидоу, иаархәалар аасҭа. Зны-зынла анхацәа зегьы аамҭак еицалхны ацәаӷәаразы аҳәара анаарышьҭуа ҟалалоит, усҟан ицәырҵуеит агәынамӡара, ианаамҭаз иаҳзымааит ҳәа, аизыибамхарагьы усҟан ауп ианыҟало, аха аӡәгьы дабжьаҳмыжьыцт, зегьы ирзаҳцәаӷәартә еиԥш алашара ҳамоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Џьонуа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.