Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амимозашәҭ аиагара еизҳаит

Есыҽны аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысуеит амимоза мҩанызго хәба рҟынӡа аидарамҩангага машьынақәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. 40 тонна рҟынӡа амимозашәҭ аурыс-аԥсуа ҳәаа иахыгоуп хәажәкыра 8 аламҭалазы ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

2019 шықәса рзы амимоза заа ашәҭра иалагеит аҳауа аԥхарра инадҳәаланы. Уи иахҟьаны ашәҭ аҳәаа ахыгарагьы еиҳа ирацәахеит.

Уахыки-ҽнаки рыла 700 тонна рҟынӡа амандарина аԥсуа-аурыс ҳәаа иахыргоит

Шәачатәи аҳазалхыҩцәа рдыррала, 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ЕАЕС аҵакырахь ахатә хархәаразы иаларгало атауар ахәԥса 500 евро иаваҟәылозароуп, акапангьы 25 кьыла еиҳамзароуп. Ахәԥса еиҳахар, ма акапан еиҳахар аҳазалхратә шәарақәа ҟаҵатәуп иаку азыԥҵәала (атауар ахәԥса аҟынтәи  30% иҟаны, ма кьылак азы 4 еврок ахшәааны).

Аҳазалхыҩцәа ишырҳәо ала, атәылауаа амимоза аиагараз аԥҟарра еиларгоит, акоммерциатә хықәказы ақыҭанхамҩатә аалыҵ аиҿкаашьа аԥҟарақәа ахьырзымдыруа иахҟьаны.

Аилагарақәа аарԥшын автомашьынала атауар аниаргозгьы. Асезон иалагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп 130 тонна ашәҭаалыҵ Урыстәылаҟа аиагара. 2018 шықәса рзы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаган 90 тонна инарзынаԥшуа амимозашәҭ.