Белоруссиа атәылауаҩ адокумент ԥаршеи ахархәарала Аԥсны аҳәаа ахысра иҽазишәеит

Урыстәыла-Аԥснытәи аҳәаа закәаншьаҭада ахысра аҽазышәараз аусҭҵаара хацыркуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны даанкылан Ареспублика Белоруссиа атәылауаҩ. Иара аԥаршеи тәылауаҩшәҟәала аҳәаа дахысырц даҿын ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзура.

Аҳәаахьчаҩ атәылауҩшәҟәы ианыз исахьеи иара изҭоз ихаҿсахьеи шеиԥшымыз гәеиҭеит.

31 шықәса зхыҵуа Белоруссиа атәылауаҩ иреспублика аҩнуҵҟатә усбарҭақәа ишьҭан миллионла иқәу ауал азы.

Иааныркылаз иҳәеит Аԥсныҟа аусуразы дшаауаз, Пицунда аргылара аусхкаҟны аусурҭаҭыԥ шидыргалаз. Атәылауаҩшәҟәы ахьимамыз азы атәым шәҟәы ихы иаирхәар акәхеит.

Аҳәаанырцә атәылауаҩшәҟәы иганахьала ашьаус хацдыркит.