Арадио

Наҷҟьебиа: ашәҟәыҩҩи аԥсҭазаареи реидҳәалашьа акалашәа иҟоуп

Жәларбжьаратәи ашәҟәыҩҩы имш аҽны аԥсуа шәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҩымҭа ҟазарала аԥҵаразы ихадоу аԥҟарақәа ртәы.
Sputnik

"Ашәҟәыҩҩы еснагь ииҳәо ихатәоуп, иара игәы иҵхо, игәы иҭыхо атәы. Ашәҟәыҩҩы идунеихәаԥшышьа аазырԥшуа аформа дашьҭоуп еснагь. Ашәҟәыҩҩи аԥсҭазаареи реидҳәалашьа акалашәа иҟоуп. Ашәҟәыҩҩра зыҟалаом ҵаҵӷәыс иахьеи-уахеи аԥсҭазаара аныҟамла, иара даҽа дунеик аԥиҵоит, уи иахьӡуп - аҟазара. Аҟазара бзиа аныҟала аԥхьаҩ идикылоит аинформациагьы ҽакала. Ҳабла иамбо маӡак ҵәахуп ҳәа агәыӷра имоуп ашәҟәыҩҩы, убри иԥшаарцоуп дзыҩуа, убри амаӡа гәыӷрак ацуп еснагь. Зегьы ирыцку ашәҟәыҩҩы шаҟа ҟазарыла иааирԥшыз ишьҭихыз атема, аформа шаҟа иқәҿиаз, усҟаноуп аргама ду аҩымҭа ҟалеит ҳәа ианубо", - азгәеиҭеит Наҷҟьебиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.