"Адипломатиа аҩсҭаара рацәаны иаҵоуп, аус злоу иуҳәо акәӡам, иҟауҵо ауп. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра аԥеиԥш ду амоуп. Уи инақәырԥшны лахьԥыракыгас иҟаҵаны алахьынҵа уӡбар ҟалаӡом. Сара иахьагьы мчыбжьык ахь ҩынтә Ҭырқәтәылаҟа аҭел самысыр ҟалаӡом, сара самысыр дара асуеит. "Уанаџьалбеит, уааи, уаабап!" ҳәа сарҳәоит. Сашьцылеит Ҭырқәтәыла, сгәы Ҭырқәтәыла ауп иахьыҟоу, аха ацара сылшаӡом, сцаргьы аус сзуӡом, ақәра қәроуп. Аха ҳара ҳҳәынҭқаррахар ҳҭахызар, Ҭырқәтәыла иҟоу ҳашьцәа каҳмыжьроуп. Сара исықәлоу шьҭа Аԥсныҟа иааӡом, аҿар ааганы абзиара иҳамоу, ахаара иҳамоу, ҳкультура рылааӡатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.