Арадио

Чагәаа еиҭеиҳәеит агрофирма "Кәыдры" аҟны имҩаԥырго аусурақәа ртәы

Гәылрыԥшь араион аҟны иҟоу агрофирма "Кәыдры" аиҳабы Нугзар Чагәаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Sputnik
Чагәаа еиҭеиҳәеит агрофирма "Кәыдры" аҟны имҩаԥырго аусурақәа ртәы

"Акомплекстә план инақәыршәаны, 30 гектар инареиҳаны абаҳча ҳамоуп: аҵәа, атама, ахәырма, афеихоа. Иахьазы абаҳча аилыхра ҳаҿуп. Уи адагьы, араион аҟны еиҿкаау амашьына-трактортә станциа ацхыраарала ахәшәтәрақәа мҩаԥаҳгарц ҳгәы иҭоуп. Уажәазы аҵәаҵлақәа хә-гектарк рҟынӡа еилаҳххьеит, атама акәзар, хышә шьапы инареиҳаны", - иҳәеит Чагәаа.

Нугзар Чагәаа иазгәеиҭеит ашәырқәа амармалташьтә пты аԥхасҭа рнамҭарц азы аԥхаррақәа шыҟалалак, ахәшәтәрақәа мҩаԥыргарц ргәы ишҭоу.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.