Қәҭелиа ахәыҷбаҳчақәа ргәаҭарақәа рзы: аҵак ду рымоуп агхақәа рыриашаразы
© Sputnik
"Аԥсны аҳәынҭқарра аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра агәаҭаратә план инақәыршәаны, Гал араион ахәыҷбаҳчақәа рҟны аҵара-ааӡаратә процесс аиҿкаашьа агәаҭара иалагеит. Ас еиԥш агәаҭарақәа егьырҭ араионқәа рҟынгьы имҩаԥысуан. Жәабран 25 инаркны хәажәкыра 22 рҟынӡа агәаҭарақәа мҩаԥыслоит. Аусураҟны агха змам аӡәгьы дыҟаӡам, урҭ рыриашаразы ас еиԥш агәаҭарақәа аҵак ду рымоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Қәҭелиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.