Арадио

Гәыргәлиа: араса ашьаҭақәа ирыцҳамшьаӡакәа еилыхлатәуп

Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ешсоу Гәыргәлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит араса ачымазара аԥырҟәҟәааразы ақыҭақәа рҿы имҩаԥгатәу аусурақәа ртәы.
Sputnik

"Араса ачымазара еиҳарак изыхҟьо ашьаҭақәа дара-дара еизааигәаны иахьеиҭаҳау ауп. Уажәы анхацәа адырра раҳҭеит еилырхырцаз, араса ирыцҳамшьакәа амахәҭақәа еилыхтәуп, уи иазеиӷьымхозар иазеицәахом. Ашьаҭақәа рыбжьара аԥша бжьасроуп, амра бжьаԥхароуп, убри анхацәа идеилыркаатәуп. Араса аиҭаҳараан ахатәы ԥҟарақәагьы ыҟоуп: ашьаҭақәа рыбжьара 5-6 метра иреиҵамкәа ибжьазароуп, насгьы шьапызаҵәык ада еиҭаҳамзароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Гәыргәлиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио SputnikАԥсны аефир аҿы.