Лука Гаделиа Большои театр аҟны раԥхьаӡа акәны дықәгылеит

Есышықәсатәи ауарӷантә концерт-хада "Триумф любви" мҩаԥысит Большои театр аҿы хәажәкыра 5 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 7– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа идебиуттә қәгылара мҩаԥысит хәажәкыра 5 рзы  Москва, Большои театр аҟны. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Лука Гаделиа ихаҭа.

Аԥснытәи ауарӷанарҳәаҩ аконцерт-хадахь  ааԥхьара илҭеит апроект аԥшьгаҩ Евгениа Кривицкаиа.

"Сара сзы ари шьаҿа дууп. Илегендатәу Большои театр асценаҿ ақәгылара ныҳәа дууп. Игәахәара дуны исзыҟалеит Евгениа Кривицкаиа иҟалҵаз ааԥхьара. Сара ари атеатр хәаԥшҩык иҳасабала саҭаахьан, аха асценаҿ аҟазаара ҳәашьа змам гәахәароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Лука Гаделиа.

Аконцерт-хада апрограмма аромантикатә цәа аҟәнын. Гаделиа соло ҳасабла иқәгылареиԥш ансамбльқәа дрылахәынгьы дықәгылан.

"Насыԥны исоуит Большои театр ахапанагӡаҩ Светлана Шилова, аскрипкарҳәаҩ Лиудмила Херсонскаиа рыцықәгылара. Александр Болдачеви Алексеи Волкови сареи еицынаҳагӡеит аопера "Порги и бесс" аҟынтәи Клара лгарашәа", - ҳәа далацәажәоит Гаделиа.

Есышықәсатәи ауарӷантә концерт-хада "Триумф любви" мҩаԥысит Большои театр аҿы хәажәкыра 5 рзы.