Сигарет ҭоԥла иҭәыз автомашьына аҳәааҿ иаанкылан

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аҭаҭын аалыҵ закәаншьаҭада аҳәаа ахыгаразы аҽазышәарақәа рацәахеит. Ари ахҭыс - афбатәиуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы иааныркылеит аҵәахырҭа маӡа змаз автомашьына "Жигули" ҳәа аанацҳауеит ари аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Амашьына агәаҭараан аҳәаахьчаҩцәа  иаадырԥшит аҵәахырҭа ҷыдаҿ иҵәахыз аҭаҭын аалыҵ. Аконтрабандатә еидара амҩангаразы ахархәара рыҭан амашьына иамоу егьырҭ иҭацәу агәаҩарақәагьы.

Аҳәаахьчаҩцәа рыԥшаах 1100 ҭоԥ асигарет заанаҵтәи ашьақәыргыларала 56 нызқьмааҭ рыхәԥса артәоит.

Аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп.