Сангәлиа Лабратәи ажәылара иазкны: аибашьцәа ашьоура рыԥхьон ԥхьаҟа

Хәажәкырамза 9, 1993 шықәса рзы Мрагыларатәи архәҭаҿы имҩаҧысуаз Лабратәи ажәыларатә операциа далахәын агәыҧ "Чагьам" акомандаҟаҵаҩы, Леон иорден занашьоу Асланбеи Сангәлиа. Иара аибашьратә хҭысқәа ирыдҳәалоу игәалашәарақәа дырзааҭгылоит.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Џьгьарда ақыҭан инхо, иахьа уи хадара азызуа аибашьра аветеран, Асланбеи Сангәлиа иҧсадгьыл аҿаҧхьа, иҩызцәа аӡәырҩы реиҧш, иуалҧшьа наигӡеит. Аҭынч ҧсҭазаараҿы иуадаҩзар ҟалап аибашьра иацыз ахьаа зцу агәалашәарақәа рзааҭгылара, урҭ ирыхәҭоу ажәа аҳәара, еиҳаракгьы еибашьра амҩа иуцықәлаз уҩызцәа еибганы ианзыхнымҳәлак... Аха аҭоурых иаҳәароуп аҿахәы.

"Агәалашәара амҩала": Кәачара ақыҭан ицоз ажәылара иазкны

Асланбеи Сангәлиа, сара сқыҭа дызлатәу ала, ибзианы дыздыруеит, акырынтәгьы иҩызцәа рыла исаҳахьан дшеибашьҩы ӷәӷәаз, ахьаҵра захьӡыз шизымдыруаз, дшаҧхьагылаз. Хәажәкырамзазы Лабра имҩаҧысуаз ажәылара иазкны игәалашәарақәа дырзааҭгыларц аҳәара ҟасҵеит, сажәагьы ҩбеимтәит.

"Хәажәкырамзазы Лабра ахақәиҭтәразы имҩаҧысуаз ажәылара амза акы инаркноуп ишалагаз, амза 9 рзы ихыркәшахеит. Ҳара ҳгәыҧ тәан Лабра аҵаҟа. Кәачареи Лабреи рыбжьара Мушьни Ашәба Ӷәадатәи игәыҧ "Аҧсны" иманы дтәан. Имҩаԥаҳгаз ажәылараҿы Мушьни Ашәба дыршьуеит хәажәкырамза 2 рзы, шьыбжьышьҭахь. Џьгьардатәи агәыҧ "Чагьам" сара напхгара асҭон. Ицоз ажәыларақәа рҿы аҷкәынцәа ҭахо ианалага, ажәыларақәа аанаҳкылеит", - ҳәа азгәеиҭоит Асланбеи Сангәлиа.

"Агәалашәара амҩала": Кындыӷ аҭарцәразы имҩаԥгаз ажәылара иазкны

Аибашьра еибашьроуп, уи иацуп аҧсҭбарақәа. Ҳарҧарцәа рфырхаҵара, ирызҭаз агәаӷь рымчқәа еиҳанатәуан, ирылшозгьы ирылымшозгьы ҟарҵон, ашьоура рыҧхьон ҧхьаҟа.

"Хәажәкырамза 8 рзы ҩаҧхьа ажәылара хацҳаркит. Уи аҽны Ҷлоунтәи иааит Заур (Лакәыт) Зарандиа икоманда, иҵегьы аҷкәынцәа рыцын. Ашьыжь шаанӡа ҳалагоит ажәылара. Аӡы хыҵны иҟан, иҳаулак ҳарсит, ахьҭа бааҧс аҿан. Атанки БМП-и ҳаҧхьа игылан. Ацентр аҿы ҳхалеит, аха дара рҽырӷәӷәаӡаны итәазаарын", - дҳацәажәон луанытә дқәыҧсычҳауа аибашьҩы.

Ҳаибашьцәа уаҟа ирылшоит абзарбзан агара. Анаҩс, рымҩа дырхоит алада, амҩаду ашҟа.

"Иқәаҳцаз ықәаҳцеит, иаҳшьыз ҳшьит, ибналақәаз бналт. Ажәылара цон ҩба-хҧа сааҭ рҟынӡа, ари амза 9 рзы акәын. Ҳаӷацәа ажәылара ҟарҵоит. Ҳаргьы ҳааҧсазар акәхап, ҳамчқәа каҧсазар акәхап, иҳамырхуеит атанк, БМП, аҷкәынцәагьы 13-ҩык рҟынӡа ҳцәыршьуеит. Абасала ааха ҳарҭеит ҳаӷацәа", - аибашьра ахҭысқәа дырзааҭгыло дҳацәажәон Асланбеи Сангәлиа.

Аибашьҩы излаиҳәо ала, ақырҭқәа ныҳәак ирзаҩызахеит, телехәаҧшрала иддырбозаарын, "абар аҧсуаа ирымаҳхыз, ирцәаҳгаз" ҳәа.

Ҳарҧарцәа, Лабра, уажәы ателевышка ахьыҟоу аҭыҧ аҿы, ахырӷәӷәарҭа ҟарҵоит. Рашәарамзазы убрантә ауп ишдәықәлазгьы ҧхьаҟа. Аха, хәажәкырамза 9 рзы ҳаӷацәа ирырҭаз ааха хашҭра рзақәым.

Аветеран: ажәылара ашьҭахь ҳгәы иалаз акакәын - ҳагәҭакы ахьынагӡамхаз

"Уи аҽны ҳаҷкәынцәа еиҳараҩык раҧхьатәи аҭабиа иҭаршьит, иара убас аҭабиа ааигәа-сигәа. Џьгьардаа ҳгәыҧ Тамшь аганахь ҳдәықәырҵоит, аршьаҟауаа миасырц азы. Уа ахырӷәӷәарҭа шаҳкыз, уажәы абӷанҷ ахьҭырго аҭыҧ аҿы атанкқәа неит. Гәдоуҭантәи аӡә даан дыҟан, "турс" ааигеит, уи ала ҳаихсын, танкк ҳаблит, ус аҩбатәи ааит, иацраҳәаны игарц акәхарын. Алиук ааиртын, атанкист ихы анааҭирҳәҳәа, уигьы иқәнагаз дақәҳаршәеит", - игәалаиршәоит аибашьҩы.

Хәажәкыратәи ажәылараҿы ҳаибашьцәа рыгәҭакқәа аҵыхәтәанӡа ирзынамыгӡазаргьы, ирылдыршаз маҷӡам. Ас еиҧш иҟаз ахҭысқәа ҳаибашьцәа еиҳа-еиҳа иаӡрыжәуан. Усҟан зыӡбахә ҳамоу ажәылара иалахәын Ӷәадаа ргәыҧ "Аҧсны", Џьгьардаа еидызкылоз агәыҧ "Чагьам", Кәтолаа ргәыҧ "Маугли", иара убас Кама Лашәриаҧҳа лгәыҧ.

"Ҳазегьы Лабра ахырӷәӷәарҭа ҳкын, ҳазегьы ҳалахәын ажәылара. Дара ҳажәлеит ҳәа икажьны ҳцозма?.. Ҳахьааиз аҭыҧ аҿы ишаҳкыз цәыббрамзагьы ҟалеит. Лабрантәи ҳақәҵны ҳцеит Аӡҩыбжьаҟа. Аӡҩыбжьа ҳшыҟаз ауп Аиааира ҳшаҧылаз. Хымш-ҧшьымш Аӡҩыбжьа ахырӷәӷәарҭа ҳкын. Џьгьардаа исгәалашәақәо: Дима Џьардалаа, Славик Амҷба, Инал Амҷба, Витали Амҷба, Русҭамбеи Қәаранӡиа, Геннади Аӡынба, Руслан Ашәба, Даур (Тыв) Ашәба уҳәа, иара убас хәҩык Лабрантәи аерман ҷкәынцәа ҳара ҳҿы иҟан", - иҳәоит Сангәлиа.

Лабра ақыҭа 500 ҭӡы инареиҳаны инхон, қыҭа дуун, аибашьраҿы иаадырҧшыз агәаӷьра дууп.

"Исгәалашәоит убри аҽны дшыршьыз Ҭарба Митиа иҷкәын. Ҳаныхынҳәуаз ауп дышьны дышкажьыз анаҳба. Иара Тамшь дынхон, аха уахь уцо иҟазма?.. Џьгьарда, Славик Чхьынџьериа иҩнаҭаҿы дыкҿан, иҧсыжра убра иҟарҵеит. Ус угәы ҭызшьаауа шаҟа хҭыс..." - ихәыцрақәа ицәыхьанҭахо дҳацәажәон Леон иорден занашьоу аибашьҩы гәымшәа.

Асланбеи Сангәлиа излаиҳәо ала, Лабратәи ажәылара иалахәын Константин Логәуа игәыҧ "Ажәеиҧшьаа".

"Агәалашәара амҩала": Маркәыла имҩаԥгаз ажәылара иазкны

"Костиа аҧшыхәратә гәыҧ иманы днеит. Ажәылара ацара ҳгәы ианҭаз аҧхьа инеихьан, жәабран анҵәамҭазы шыҟаз, Маркәылантәи инарышьҭит, жәаҩык раҟара ыҟан. Исгәалашәоит, ҩнык аҿы иҩнаҵаны исҵәахит. Тамшьҟа аҧшыхәрахь ианца, икны раагара рылшеит ақырҭқәа хҩык, аинформациа ҳазҭашаз, уи ҳара ҳзы даара ицхыраагӡан", - абас ирацәоуп хашҭшьа зқәым аибашьҩы игәалашәарақәа.

Ҳаҧсадгьыл ахақәиҭра зыҧсҭазаара ахҭнызҵаз ҳаибашьцәа рфырхаҵара аҭоурых наӡаӡа иазынхоит. Рҿаҧхьа ҳхырхәоит иахьа зыҧсы ҭаны иҳалагылоу ҳаибашьцәа гәымшәақәа. Уаҳа ари адгьыл аҿы икамҭәааит ашьа, ашьац иламҭәааит ҳанацәа рылаӷырӡ, наӡаӡа иҟазааит ҳаҧсадгьыл аҿы аҭынчра!