Аҩнатә ҧстәқәа рынцәахәы имҵаныҳәара: кәтолаа Жәабран шазгәарҭаз

Жәабран аҽазыҟаҵара хацдыркуеит ачгара аҵалара ҩымчыбжьа шагу – Амшаҧ аныҳәа аламҭалазтәи ақьабзқәа раан.
Sputnik

Аҩнаҭа аԥшәма Ардон Гәаланӡиа иазгәеиҭеит иара ихы идыруеижьҭеи Жәабранныҳәа шымҩаԥырго.

"Ари аныҳәа зымҩаԥырго арахә ҿиарц азоуп, аныҳәаҩ иҳәоит арахә ҳамамзар ақыҭаҿ ҳзынхои. Ҳара арахә рацәаны иҳамоуп, абаржәы ҽнак ала 30 литра аҟара ахш ҳауеит уажәы", - азӷәеиҭеит иара.

Иҳаҩсыз амҽыша ашьҭахь Жәабран-мгьал иазкыз амажәа азырхиан. Уи мчыбжьык ичуан, иҵәыҵәуан.

Аҧшәмаҧҳәыс Раиса Гәаланӡиа еиҭалҳәеит жәабран-мгьал шыҟарҵо атәы: "Аӡи ашыл ҟаҧшьи рыла бжьы-мшы игылоуп, уа иҵәуеит. Есҩымш исырҩынтуеит. Шаанӡа сгылан исырсоит, нас ашыла аҭаны арсара уалагоит. Ацха, амахәыда, ашьақар аҭаны иҟауҵоит. Амахәыда ауп ихадароу. Аџьыкхыш асҭоит. Санхәа лоуп са исзырбаз ара санааи, убасоуп ишыҟаҳҵо".