Арадио

Шамԥҳа еиҭалҳәеит избан ахәажә ҷыдала арасамаҵә загәыларҵо

Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аетнографиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Хәажәкыра аныҳәа ҵакыс иамоу, избан ахәажәқәа ҷыдала арасамаҵә зыргәыларҵоз.
Sputnik

"Хәажәкыра ааԥсуаа иаҳтәу ныҳәоуп, иара акыр шықәса ахыҵуеит. Зегьы ирыздырӡом абри ахәажә аҵәы алаҵара ишалагаз, изыхҟьаз. Аха ахәажәҵәы еиҳарак араса амаҵәа ауп излырхуа. Хәажәкыра - аиаҵәарақәа ангыло, абӷьы апытра ианалаго аамҭазы имҩаԥырго ныҳәароуп. Иара хаҭала ааԥынра ааира иазкуп. Ахәажәшыла еилаԥсоу арыцқәа ирылырхуан, уи аҿамаҿа изкуп, аизҳара иатәуп. Ахәажәқәа рформа уахәаԥшуазар, адгьыли ажәҩани рыбжьара иҟоу зегьы аарԥшратәы иҟарҵон, убри ауп аныҳәарагьы зызку. Ашәҭра, ааԥынра, аҿиара-еиҭаҿиара, аиҭаира", - ҳәа азгәалҭеит Шамԥҳа.

Жәабран ашьҭахь раԥхьатәи ашәахьаҽны аԥсуаа иазгәароит Хәажәкыра.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио SputnikАԥсны аефир аҿы.