Арадио

Џьапуа Вадим Бжьаниа изкны: иҟамзаара ҳныԥшуеит, дзыԥсахуагьы дыҟам

85 шықәса раԥхьа хәажәкыра 11 рзы диит иналукааша аԥсуа археолог Вадим Бжьаниа, иара идунеи иԥсахит хәы-шықәса раԥхьа. Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, археолог Аркади Џьапуа еиҭеиҳәеит аԥсуа археологиаҿы Вадим Бжьаниа иаанижьыз ишьҭамҭа атәы. 
Sputnik

"Вадим иҟамзаара аныԥшуеит ҳархеологиа. 70-80 ашықәсқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуаз аҭоурхыҭҵааратә усурақәа зегьы Вадим иеиҿкаарала имҩаԥган. Иахьа иара иҭиҵаауаз аамҭа, неолиттәи аамҭа, аӡәгьы иҭиҵаауам. Абаҟақәа рыхьчаразы аусурақәа раԥхьа иара иоуп ихацзыркыз, аибашьра ашьҭахьгьы, аҭагылазаашьа аныбааԥсызгьы уахгьы-ҽынгьы урҭ абаҟақәа рыхьчараз иахьаҭахыз ирымчны, иахьаҭахыз азакәан шьаҭа аҭан дцәажәон. Вадим инаукатә шьҭамҭа дуӡӡақәа инарываргыланы, аҿар рааӡара даҿын. Иахьа археологцәа ҳзыԥсахуа аҿар маҷӡахеит. Иара аибашьра ашьҭахь Аԥсны ахы-аҵыхәа днагәылаԥшны ҳиааӡеит зегьы. Вадим уи аус азы аҟазара ду злаз иакәын, аџьабаа ду збоз, ҳамҩақәызҵоз иакәын", - ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.      

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.