Арадио

Џьыкырԥҳа "Амобилтә лабораториа" иазкны: зегьы хәыда-ԥсада рхы гәарҭар рылшоит

Гәылрыԥшь араион аҿы хәажәкыра 12 рзы апроект "Амобилтә лабораториа" аусура иабзоураны иалыршахоит еиуеиԥшым ачымазарақәа рзы изҭаху зегьы ранализқәа рыдкылара, уи хәыда-ԥсадахоит ҳәа азгәалҭеит аҳақьым-алаборант Сырма Џьыкырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Sputnik

"Хәажәкыра 12 рзы асааҭ 9:00 инаркны 14:00 рҟынӡа Агәыӡера аҳабла арратә хәышәтәырҭаҿы имҩаԥысуеит акциа - хәыда-ԥсадатәи еиуеиԥшым аҿкы чымазарақәа раарԥшразы анализқәа рыдкылара. Иара уи адагьы, изҭаху зегьы ршьақар аҩаӡара зеиԥшроу еилыркаар рылшоит. 25 шықәса инаркны 60 шықәсанӡа зхыҵуа  аҳәса ҷыдала аҳәса рчымазара аазырԥшуа анализқәа арҭар рылшоит. Аҭакқәа ҟалоит ирласны, жәаба-жәохә минуҭ рыла. Аекспресс-метод ҳәа изышьҭоу анализқәа рҭакқәа рыла еилкаахоит ауаҩы ицәа ачымазара алоу, иаламу", - ҳәа азгәалҭеит Џьыкырԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио SputnikАԥсны аефир аҿы.