Арадио

Абыхәба MITT иазкны: аҩи ачыси рыбзоурала аԥсуа стенд иаднаԥхьалаз рацәаҩуп

Москва имҩаԥысуа 26-тәи жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа MITT аҿы иӡыргоу аԥсуа стенд зеиԥшроу, насгьы иарбан лшароу иҳарҭо ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ацәыргақәҵа иалахәу ҳтәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аӡыргара аҟәша аиҳабы Инал Абыхәба.
Sputnik

"Аԥсуа стенд аҿы иӡыргоуп ҳаалыҵқәа рацәаны. Иааиуа зегьы аҩы, аџьынџьыхәа, ахәырмарҩа ргьама дҳарбоит. Уи иабзоураны ҳастенд иаднаԥхьалаз рацәаҩуп. Иҳәатәуп, уаанӡа еиҳарак Аԥсны иадзыԥхьалоз амшын акәызҭгьы, иахьа аберҭыԥқәа, ҳтәыла ауахәамақәа ирызҵаауагьы рацәаҩуп. Ари ахырхарҭа иаднаԥхьало ыҟоуп, урҭ рхыԥхьаӡарагьы иаҳа-иаҳа иацлоит. Ҳнаплакыҩцәа ртауар аинтерес зызцәырнагаз рконтактқәа рымаҳхуеит, анаҩс дара-дара аимадара рыбжьарҵарцаз, аԥснытәи аалыҵ аларҵәара аиурцаз", - ҳәа азгәеиҭеит Абыхәба.          

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.