"Ҳастенд азҿлымҳара бзиа амоуп, ажәлар ааиуеит. Еиуеиԥшым ахеилакқәа, асасааирҭақәа уҳәа активла рхы аладырхәуеит. Даара акрызҵазкуа аиқәшаҳаҭрақәа нап рыҵаҩуп, анаплакқәа рыбжьара аусеицура иазку аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵаҩра иаҿуп. Ари жәларбжьаратәи атуризм иазку Урыстәыла имҩаԥысуа иреиҳаӡоу ацәыргақәҵақәа иреиоуп, сынтәа иара 200 ҳәынҭқарра алахуп. Ԥшьышықәсоуп ари ацәыргақәҵа ҳалахәуижьҭеи. Аԥсны ҿыцны избаз дыҟоуп, аха аиҳарак ҳтәыла шықәсыла издыруа, атуризм аганахьала аус адызуло роуп иааиуа. Ҿыцрас иҟоу иазҵаауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Мықәба.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио SputnikАԥсны аефир аҿы.