Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра афотоҭоурых дырбан Аҟәа

Аҟәа имҩаԥысыз афотоцәыргақәҵаҿы хҩык арратә фотокорреспондентцәа русумҭақәа 85 цәырган.
Sputnik

 

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ацәыргақәҵатә зал "НУР" аҿы хәажәкыра 14 рзы хҩык арратә фотокорреспондентцәа русумҭақәа 85 цәырган.

Ацәыргақәҵа азкуп 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра.

Ацәыргақәҵа аԥшьгаҩ – асахьаҭыхыҩ Лиана Ачԥҳа - ажурналистцәа Анатоли Шьониа, Рамин Қаџьаиа, Григори Ҵәыџьба рҭыхымҭақәа еидылкылеит.

"Аусумҭақәа Аԥсуа телехәаԥшраҿы исырҭеит. Исырҭеит стопкадрқәа злаҳхыз авидеоқәа. Ҩыџьа ажурналистцәа - Анатоли Шьониа, Григори Ҵәыџьба - рыԥсҭазаарақәа ирылҵхьеит. Ахԥатәи, Рамин Қаџьаиа, акыр ацхыраара сиҭеит", - ҳәа еиҭалҳәоит Лиана Ачԥҳа.

Рамин Қаџьаиа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа иара изы аҵак ду амоуп.

"Сара хықәкыс исымаз аиаша аҭыхра акәын. Сусумҭақәа зегь ааидкыланы 1300 кадр рҟынӡа инаӡоит. Урҭ зегь арахь раагара залшом. Ацәыргақәҵа ахықәкы хада - иахьатәи аҿар ҳҭоурых дырдырроуп", - ҳәа азгәеиҭоит иара.

Аԥсны аҭоурых: Аҟәа имҩаԥысит афотоҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа

Ацәыргақәҵатә зал "НУР" аҿы хәажәкыра 14 рзы иаатыз ацәыргақәҵаа ус ауеит хәажәкыра 20 рҟынӡа.