Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара

Аӡиасқәа жәларбжьаратәи рымш аҽны аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит Аԥсны аӡиасқәа ирыдҳәало аматериал.
Sputnik

Аԥсны зегьы иҟоу аӡиасқәа рҟынтәи хә-ӡиаск дуқәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп (Кәыдры, Бзыԥ, Егры, Ԥсоу, Гәымсҭа), 40 рҟынӡа ибжьаратәу ҳәа ишьоуп, егьырҭ ӡиас ссақәоуп.

Зегь раасҭа иауу

Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу аӡиасқәа зегь раасҭа иаууп ҳәа ишьоуп Бзыԥ. Иара аура 116 километра инаӡоит.

Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара

Зегь раасҭа икьаҿу

Реԥрыуа – Аԥсны зегь раасҭа икьаҿуп, иара адунеи аҿы иҟоу аӡиас кьаҿқәа ируакуп. Аура 20 метра заҵәык ауп иҟоу.

Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара

Зегь раасҭа амчхара змоу

Аԥсны зегь раасҭа имчхоу ӡиасуп Кәыдры. Кәыдры есышықәса миллион тонна рҟынӡа аинерттә материал ҭнагоит.

Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара

Зегь раасҭа ихьшәашәоу

Аԥснытәи аӡиас дуқәа зегьы хьшәашәоуп ҳәа ишьоуп, избанзар дара зегьы ашьхарахь рхы ыҵыргоит. Арҭ аӡиасқәа аӡынразы бжьаратәла – 4°С иҟоуп, аԥхынраз –19°С.

Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара

Амиф еиҭазкуа

Гәдоуҭа араион аҿтәи аӡиас Хыԥсҭа ахьӡ "ахьы" аҟынтәи иаауеит, ажәытә ахьы ҭнагон ҳәа иршьоит, аха аҵарауаа ргәаанагарала ари ахьӡ "аҳаша" (ахаҳә шкәакәа) аҟынтәи иаауеит.

Ахьы ҭызго аӡқәа

Ажәытәан Кәыдры, Бзыбь, Кьылашәыр рхыҵхырҭаҿ ахьы ыҵырхуан. Ажәытә ажәабыжьқәа рыла аҭыԥантәи ауаа ауасацәа аӡы ианӡаарҵалак, ахьыԥслымӡ еизнагон. Абри акәзар ҟалап ахьыуаса-цәа иашьҭаланы амшын иӡхыҵыз аргонавтцәа ирызку абырзен миф хыҵхырҭаны иамоугьы.

Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара

Реиҳа аԥсыӡ зҭоу аӡиас

Гәдоуҭа араион иатәу аӡиас Мҷышьҭа (Черная речка) реиҳа аԥсыӡ амоуп.

Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара

Аԥсуа еставелла

Аԥсабаразы иуникалны иԥхьаӡоуп ашьхарантә амшын иазцо аӡиас ҭыԥк аҿы шьҭахьҟа ахынҳәра. Аҵарауаа ари еставелла ҳәа иашьҭоуп. Абасеиԥш убар ауеит хыԥсҭа аӡиас аҿы, Ҩԥсара аҿы. Аҵыхәтәантәи аҿы аӡы убасҟак ирласны аҽаҵәахуеит, иҭоу аԥсыӡ адәы иқәхо аҟара.

Аматериал азырхиараан ацхыраара ауит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекологиа Аинститут.