Џьниаԥҳа: ашыц аиқәырхаразы аиҭаҳатә ҳааӡоит
© Sputnik
"Ҳаамҭазы ахәаҷа иахҟьаны Аԥсны абнақәа рҟны ӷәӷәала ааха амоуп ашыц. Иахьазы уи аҵиаа еиқәханы иҟоуп Бзыԥтәи аҩхаа ажәахатәи акилометр иахьаҵанакуа. Гурам Дбар уаҟа ашыц еиқәирхеит, аҳәынҭқаррагьы ицхрааит. Ҳара аиҭаҳатәқәа уаантәи ауп иахьаҳгоз. Ашыц аиҭаҳарҭатә ааӡарҭаҟны ҳхы иаҳархәоз аҵәыҟаҵара аметод ауп. Амахәқәа хҵәаны иаҳгон, анаҩс ирмазеины иҳамаз амакәан хәыҷқәа рҟны еиҭаҳҳауан. Хә-нызқь инарзынаԥшуа ашыц махәқәа рҟынтәи зқьы инарзынаԥшуа рыԥсы ҭалеит, аиҭаҳатәқәа ҳамоуп ааӡарҭаҟны. Урҭ макьана ихәыҷуп, абнаҟны реиҭаҳарагьы ҟалом, ашыц хәаҷа акәзар - Аԥсынтәыла ианымӡӡаацт, еиҭауҳар, аԥхасҭа рнаҭоит", - ҳәа азгәалҭеит Џьниаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.