Кәыҵниа: ашәарыцара ахатә аамҭа амоуп, уи асоура иадҳәалаӡам
© Sputnik
"Нанҳәа 15 рзы ашәарыцара иалагеит, ихыркәшахоит ҳазҭоу амза 15 рзы. Ашәарах азы ажьырныҳәа 15 инаркны ашәарыцара ҟаломызт. Ҳара ҳҟны аҭагылазаашьа угәы иаахәартә иҟам, избанзар асы ауит ҳәа, уи жәабран, хәажәкыразы иаургьы ршәақьқәа аашьҭыхны абнахь ицоит. Асы акәӡам ара рбагас иҟоу, аамҭа ауп, уи ажьырныҳәа 15-нӡа ауп ҿҳәарас иамоу. Амза 15 рынахыс зхы пату ақәызҵо ашәарыцаҩ ашәарах ахь дымныҟәароуп, избанзар еимгоуп. Ҳауаажәлар асы рбеит ҳәа абна илалоит, еимгоу ашәарах ршьоит. Асы ауит ҳәа акәӡам ишыҟоу, иара ахатә ԥҟарақәа амоуп ашәарыцара. Ашәарах Аԥсны иалҵны ицом, аамҭа ҟалоит ирзышәарыцар аналшо. Ус ахымҩаԥгашьа ҟалом", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.