Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа: ашәарыцара ахатә аамҭа амоуп, уи асоура иадҳәалаӡам

© Sputnik Зафас ГамгияХаджарат Квициния
Хаджарат Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи реидгыла ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит нанҳәамзанӡа сынтәа ашәарыцара шыҟамло. Иахьа инаркны Аԥсны ихыркәшоуп ашәарыцаратә сезон.
"Ҳазлцәажәаша ҳамоуп": Кәыҵниа ашәарыцара иазкны

"Нанҳәа 15  рзы ашәарыцара иалагеит, ихыркәшахоит ҳазҭоу амза 15 рзы. Ашәарах азы ажьырныҳәа 15 инаркны ашәарыцара ҟаломызт. Ҳара ҳҟны аҭагылазаашьа угәы иаахәартә иҟам, избанзар асы ауит ҳәа, уи жәабран, хәажәкыразы иаургьы ршәақьқәа аашьҭыхны абнахь ицоит. Асы акәӡам ара рбагас иҟоу, аамҭа ауп, уи ажьырныҳәа 15-нӡа ауп ҿҳәарас иамоу. Амза 15 рынахыс зхы пату ақәызҵо ашәарыцаҩ ашәарах ахь дымныҟәароуп, избанзар еимгоуп. Ҳауаажәлар асы рбеит ҳәа абна илалоит, еимгоу ашәарах ршьоит. Асы ауит ҳәа акәӡам ишыҟоу, иара ахатә ԥҟарақәа амоуп ашәарыцара. Ашәарах Аԥсны иалҵны ицом, аамҭа ҟалоит ирзышәарыцар аналшо. Ус ахымҩаԥгашьа ҟалом", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0