Арадио

Еныкь: аибашьраан иблыз архивтә материал шьақәыргылоуп

Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа хәажәкыра 15 рзы иахыҵит 90 шықәса. Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Еныкь арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аибашьраан иблыз архивтә материалқәа реиҭашьақәыргылара ишаҿу атәы.
Sputnik
Еныкь: аибашьраан иблыз архивтә материал шьақәыргылоуп

"Аибашьраан архив анырбылуаз, архив хада азааигәара ауахәамақәа ҩба гылан, дара архив иадҳәалан. Уа иҵәахны ишьҭан архив хадаҿы иҟаз ирблыз адокументқәа рфотохҩылаақәа. Ауахәамақәа ԥырхага ахьырмоуз аҟнытә еиқәханы иаҳзаанхеит, аха рыцҳарас иҟалаз, архив иамаӡамызт алшара афотохҩылаақәа ирну аԥхьара. Уи азы иаҭахын иҷыдоу амыругақәа, аус рыдызуло ауаа. Дара ишаҭаху рыҵәахразы аҭагылазаашьа аԥҵазароуп. Урҭ ахҩылаақәа ҳцәыӡуа рҟынӡагьы ҳнеит, аха шықәсык аԥхьа Чехиа аҳәынҭқарратә архив аҟнытә иааны иҟан, ҳҭагылазаашьа анырба, ацхыраара хәыда-ԥсада ишыҟарҵо азы адырра ҳарҭеит. Ҳусуҩцәа абарҭ аматериалқәа аус рыдулашьа ддырҵеит, иаҭаху амыругақәа ҳарҭеит. Иахьа иаҳҳәар ҳалшоит аибашьраан иаҳцәыӡыз ахҩылаақәа шьақәыргылоуп ҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Еныкь.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.