"Шьараҭын" аибашьцәа рыхьӡынҵақәа Гәымсҭа ацҳаҿы иқәдыргылеит

Марттәи ажәылара 26 шықәса ахыҵра инамаданы хәажәкыра 15, асааҭ 12:00 рзы ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Руслан Шьынқәба, Џьамбул Зарандия, Џьааркас Гасан, Аслан Ажьгериев, Валери Берхамов рмемориалтә хьӡынҵақәа ықәдыргылеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Марттәи ажәылара 26 шықәса ахыҵра инамаданы, Гәымсҭатәи ацҳаҿы, хәажәкыра 15, асааҭ 12:00 рзы амемориалтә хьӡынҵақәа хәба ықәыргылан.

Амемориалтә хьӡынҵақәа ықәыргылан Марттәи ажәылараан иҭахаз Руслан Шьынқәба, Џьамбул Зарандия, Шьамтәылатәи Џьааркас Гасан, Ҟабарда-Балкариатәи Аслан Ажьгериеви Валери Берхамови ргәалашәара иазкны.

"Шьараҭын" аибашьцәа рыхьӡынҵақәа Гәымсҭа ацҳаҿы иқәдыргылеит

Ауснагӡатә рхы аладырхәит абаталион "Шьараҭын" аибашьцәа. Аԥсны жәлар реибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Рауль Амҷба аибашьраан "Шьараҭын" абаталион далахәын.

"Марттәи ажәылара аҽаланархәит ҿыц иаԥҵаз абаталион "Шьараҭын". Марттәи ажәылара ҳбаталион даара иазыҟаҵан ҳәа аҳәара иашам, избанзар иара еиҿкаауижьҭеи рацәак ҵуамызт. Ус шакәызгьы, 300-ҩык инарзынаԥшуа иҟаз ҳаибашьцәа рфырхаҵара уаршанхон, абџьари аџьаԥҳани иазхаша шрымамызгьы. Ҳара ҳақәгәыӷуан, ақалақь ҳзалалар абџьар аӷа имаҳхуеит ҳәа. Ҳара Гәымсҭа ахыхьала ҳлеиуан. Дҵаны иҳаман ақалақь иахыкәшоз амҩала Ҷанба имҩахь албаара, уантәи ажәылара амҩаԥгара. Аҷкәынцәа аиааира даара рҽазырхианы иҟан. Аха ҳара аҿагылара ду ҳауит. Ирацәаҩхеит ихәыз. Урҭ алгатәхеит. Ҳгәы ишҭаз еиԥш ҳусқәа зыманшәаламхеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Рауль Амҷба.

Агәыԥ аибашьцәа рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа анагӡара рҽазыршәонаҵы, ишарккеит. Хыԥхьаӡаралеи техникалеи акыр иреиҳаз ақырҭуа ар хкырацәала абџьар рыман. Амца ӷәӷәа рыжәырҵеит. Ирацәаӡахеит ахәцәа. Урҭ ацхыраара рыҭара рылымшартә еиԥш аҭагылазаашьа уадаҩ шьақәгылеит. Ажәылара аанкылан.

Оҭырба: Марттәи ажәылара ашьҭахь аӷа еиликааит ҳамчқәа зеиԥшраз

"Ахьҭа ӷәӷәа аҿан. Акаҭран иалаҵаан ишьҭан. Иааҳакәыршаны ихысуан. Ахәцәа ралгаразы асанитартә машьынақәаҵәҟьа зхаломызт. Ажәылара шеихәлахоз убартә иҟалеит. Хҩахаха ҳауамызт. Арахь акаҭран ҳаниалоуп, хыҵакырҭакгьы ыҟам. Абри араион аҿы иҳацәҭахеит Руслан Шьынқәба, Џьамбул Зарандия, Шьамтәылатәи Џьааркас Гасан, Ҟабарда-Балкариатәи Аслан Ажьгериеви Валери Берхамови", - ҳәа еиҭеиҳәоит Амҷба.

1993 шықәса март 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа.