Sputnik аҿы Аԥснытәи аделегациа MITT алахәра иалацәажәоит

Хәажәкыра 18 асааҭ 12:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа MITT аԥсуа делегациа алахәра иазку апресс-конференциа.
Sputnik

Апресс-конференциа иалахәуп:

• Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкьиа

• Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Ҭамила Мерцхәылаа

• "Атуризм Аԥснытәи ахеидкыла" ахада Анна Калиагина

• Аԥсны аотелиерцәа Ргильдиа ахада ихаҭыԥуаҩ Анна Малкина.

Хәажәкыра 18 асааҭ 12:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа MITT аԥсуа делегациа алахәра иазку апресс-конференциахь АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16 (абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа абри аҭел ала: +79409992191

Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр анонсқәа шәоуларц азы аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь азыҳәа нашәышьҭ.

Иара убасгьы апресс-конференциа алахәцәа рахь азҵаарақәа нашәышьҭыр ҟалоит асоциалтә ҳа Facebook аҟны Sputnik Аԥсны адаҟьахь ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.